Аԥсны АҶА атуристтә сезон аламҭалаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит

Атуристтә сезон аламҭалаз Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапхгара араионтә ҟәшақәа реиҳабыра алархәны аилацәажәара мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Атуристтә сезон аламҭалаз мызкы аҩнуҵҟала Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҟәшақәа зегьы рыҟны имҩаԥысраны иҟоуп аҽазыҟаҵарақәа ҳәа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы иаанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.

Аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, аамҭа кьаҿ иалагӡаны иахәҭаны иҟоуп иҟоу амчрақәа еизакны иаараны иҟоу атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара.

Раԥхьа иргыланы ихадароу акәны иҟоуп аӡы аҟни ашьхараҟни аиқәырхаратә операциақәа рымҩаԥгара аус адулара. Убри инадҳәаланы аусдҵақәа рыҭоуп ашьха-еиқәырхаратә гәыԥи зышәагаа маҷу ашхәақәа рзы аҳәынҭинспекциеи. Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа акоронавирустә пандемиа аамҭаз иара ахҟьаԥҟьақәа рҿагыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.

Озган ажәадгала ҟалҵеит апассаџьырцәа рымҩангара ахылаԥшра Аԥсны ААР адыԥхьалазарц

Аминистрра аусбарҭа хада дҵаны иаҭоуп аҽазыҟаҵарақәа рысценарии ишалшоу ала ируадаҩны, аҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны архиара.

Аԥсны АҶА аҳәынҭқарратә мцарцәаратә хылаԥшра аусбарҭа имҩаԥнагараны иҟоуп акурорттә усхк аобиектқәа ргәаҭара амцакратә шәарҭадара астандартқәа иахьынӡарықәшәо абарази амцарцәагатә хархәагақәа рымазаарази.