Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит Гал аиҭалхрақәа анымҩаԥысуа атәы

Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игорь Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит алхратә ҭыԥ хадақәа руак аҟны аиҭалхрақәа иахьынӡарзыхиоу, дара анымҩаԥысуа атәы.
Sputnik

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.Гал араион алхырҭатә тыԥқәа 10 рҿы алхрақәа мҩаԥысит, џьарак аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

 

Амҷба еиҭеиҳәеит Гал аиҭалхрақәа анымҩаԥысуа атәы

"Ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны алхрақәа мҩаԥысит, аха ҩыџьа абжьы еиҟараны ироуит, аӡәы иаҳа еиҵаны. Алхратә комиссиа ҳанеилатәа иҳаӡбеит аамҭа рацәак имгакәа ҩымчыбжьа бжьаҵаны алхрақәа ҟаҳҵарц мшаԥы 25 иақәыршәаны. Аха аиуристцәа иарҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны аиҭалхрақәа ҟалароуп ҩымз бжьаҵаны", - иҳәеит Амҷба.

 

Иара адырра ҟаиҵеит лаҵара 30 рзы араион аҟны аиҭалхрақәа рымҩаԥгара шазгәаҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: