Аҟәеи Гагреи заанаҵы аԥсшьараҭыԥқәа ахьҿарҵо ақалақьқәа ирыҵанакит

Аԥсны, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ленинградтәи, Ростовтәи, Москватәи аобластқәа, Карелиа, Алтаи еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа рреитинг иаҵанакуеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәа ҩба – Аҟәеи Гагреи заанаҵы аԥсшьараҭыԥқәа – апартаментқәа ахьҿарҵо аҭыԥқәа ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура TVIL.RU.

Астатистика ала атуристцәа 2-14 уахы-ҽны анхарҭа ҭыԥқәа ҿарҵоит, иагьақәшаҳаҭуп 2 - 5,3 нызқьмааҭ ршәара. Аԥсшьараз ахә мариоуп Сегеж, ахә дууп– вИалта.

  • Иалта - 5336 мааҭ - жәахажәымш *
  • Шәача - 3217 мааҭ - жәаха-жәымш
  • Санкт-Петербург - 4486 мааҭ - хәаха-хәымш
  • Аҟәа - 2685 мааҭ - 14 уахи-ҽни
  • Таганрог - 2400 мааҭ - бжьаха-бжьымш
  • Серпухов - 3267 мааҭ - жәаха-жәымш
  • Артыбаш - 4700 мааҭ - ҩаха-ҩымш
  • Сегежа - 2000 мааҭ - хәаха-хәымш
  • Гагра - 5000 мааҭ - фаха-фымш
  • Симферополь - 2245 мааҭ - 2,5 уахи-ҽни

Амаҵзура TVIL.RU иара убасгьы иазгәанаҭеит апарт-отельқәа рҿы еиҳа иалыркаауа аҭахрақәа.

Ихымԥадатәиу жәа-маҵзурак рахь иаҵанакуеит: архьшәашәага-15%, акондиционер - 14%, аинтернет Wi-Fi - 13%, ачысмаҭәа - 12%, аӡәӡәага - 9%, ҩ-ҭыԥктәи акаруаҭ - 8%, абалкон - 6%, афымцатә чаиршыга - 6%, ателербага - 5% , арԥхага - 4,5%.

Гагра ҩыџьа-ҩыџьала аныҟәара ахьыргәаԥхо ақалақьқәа ируакуп

Мшаԥы 20 рзы Роспотребнадзор аԥҟара ҿыцқәа аланагалеит. Иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, лаҵара 1 ашьҭахь аҳәаанырцәынтә ихынҳәуа акоронавирус азы ҩынтә атест арҭароуп. Аҩбатәи атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп. Абри азы азинтә информациа аофициалтә портал аҿы икьыԥхьуп Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада иқәҵара.

Уаанӡатәи Роспотребнадзор адыррақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп ҳәа ҳәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: