Аԥсны аоперштаб: акоронавирус рыдырбалеит даҽа 53-ҩык ауааԥсыра

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14461-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13517-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 270-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 53-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 50-ҩык, урҭ рахьтә 40-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>