Арадио

Ашәба Чачхадыл иазкны: аԥсуаа шеишықәсала иныҟәыргоз ҵасуп

Аԥсуаа традициала Чачхадыл (Чхадыл) шазгәарҭои уи аҷыдарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҵарауаҩ-аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба. Ауаажәларратә усзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит Чхадыл иадҳәалоу аҵасқәа рҭаацәараҿы ишынарыгӡо атәы.
Sputnik
Ашәба Чачхадыл иазкны: аԥсуаа шеишықәсала иныҟәыргоз ҵасуп

Амшаԥныҳәа лаша ааиаанӡа хымш шыбжьоу иазгәарҭоит Аԥшьаша ду. Аԥсуа жәлар рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ҳәа иашьҭоуп. Ари амш азы ауҭраҟны инкауԥсо зегьы бзиахоит, иҟалоит рҳәоит. Убасгьы Чачхадыл азы идыргылоит аишәа, ахәшә злырхуа аҵиаақәа ыҵырхуеит.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Apsny аефир аҿы.