Арадио

Кәыбраа: аусзуҩ изинқәа анидыруа, закәанла аусура иамхра цәгьоуп

Аџьазы аҳәынҭқарратә инспекциа аспециалист Нарсоу Кәыбраа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы ари аилазаара Аԥсны аус шынанагӡо, аџьа иазку азакәанԥҵара аилагарақәа ртәы.
Sputnik
Кәыбраа: аусзуҩ изинқәа анидыруа, закәанла аусура иамхра цәгьоуп

Аџьазы аҳәынҭқарратә инспекциа аҳасабтә хадақәа иреиуоуп: Аԥсны аџьаустә закәанеидкыла анагӡара ахылаԥшра алыршара; аус зуа рзинқәеи рхақәиҭреи ралыршара, рыхьчара, урҭ русурҭатә ҭыԥқәа ршәарҭадара уахь иналаҵаны; Аԥсны аџьаустә закәанеидкыла азҵаарақәа рыла аусзуҩцәеи аусураҭаҩцәеи рарзаҳалқәеи рышшыԥхьыӡқәеи ргәаҭара.

"Уажәоуп аусура ҳаналаго, ҳинспекциа Аџьа аминистрра (Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра - аред.) ахь иаҵанакуеит, хԥаҟа шықәса ҵуеит иаԥҵоижьҭеи. 2017 шықәсазы Аџьаустә закәанеидкыла Аԥсны ианрыдыркыла ашьҭахь, ас еиԥш аилазаара аминистрра иахәҭакны иҟалеит. Ҳамчқәа закәанла ибзиоуп, аха аспециалистцәа рыла ҳалшарақәа рацәаӡам", - иҳәеит Кәыбраа.

Шәазыӡырҩы аудио.