"Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа аара хацыркхоит

2021 шықәса акурорттә сезон аан "Иаку абилеҭ" ала аныҟәара Аԥсны атуристтә ҭыԥқәа рахь анеира аиӷьтәра иазырхоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟаи Урыстәылантәи Аԥсныҟаи амультимодальтә пассаџьыртә ныҟәарақәа еиҭахацыркхеит мшаԥы 30 рзы ҳәа аанацҳауеит АНО "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маҵзура.

"Ари ауснагӡатә иалнаршоит Аԥсны иаҭаар зҭаху атуристцәа рхыԥхьаӡара азырҳара", - азгәарҭоит апресс-маҵзураҿы.

Амҩангара мҩаԥысуеит Адлертәи адәыӷбаангыларҭеи Шәачатәи аҳаиртә баӷәазеи рҟынтә Аԥсны ақалақьқәа хәба: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа рахь.

Атуристцәа ироуеит алшара иалырхырц: "адәыӷба + автобус", "аҳаирплан + автобус".

Актәи авариант ала "Иаку абилеҭ" аахәара алшоит иарбанызаалак авокзалқәа, АО "ФПК" агенттә ҳақәа рҿеиԥш ОАО "РЖД" асаит аҿгьы.

Абилеҭ "аҳаирплан + автобус" аахәара алшоит Атранспорттә клирингтә палата агенттә ҳа аҿы.

Абилеҭ аахәара алшоит автобусла амҩангара аамҭа 36 сааҭ шагу. Амҩангара мҩаԥысуеит иманшәалоу амикроавтобусқәа рыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: