"Спутник V" аҭыжьҩы: алаҵа COVID-19 уацәнахьчоит

Рашәара 19 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны алаҵа "Спутник V" рзыҟарҵахьеит 3580-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22- Sputnik. Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" 100% ачымазара уацәнахьчоит аштамм ҿыцқәа шыҟоугьы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр алабораториа анапхгаҩы Владимир Гушьин.

"Спутник" индиатәи аштаммгьы иаиааиуеит. Алаҵа хра амоуп, "Спутник V" 100% ачымазара уацәнахьчоит" ҳәа иҳәеит Гушьчин "Соловьев LIVE" YouTube-канал аефир аҿы.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩҩуп. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт. Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы.