Ахьтәы еихсарҭала: адунеи аҟны зегь раасҭа иԥшӡоу аханқәа жәаба

Аҩнқәа ахьтәы еихсарҭала иргылоу иршанхагоуп, ауаҩы урҭ данрыхәаԥшуа ираҳаҭу ацәаныррақәа изаанартуеит, даҽа дунеик ахь днанагоит.
Sputnik
Аматематикцәа  ахьтәы еихсарҭа ишьахәу еинаалароуп, еизышәароуп ҳәа азгәарҭуеит. Шәахәаԥш ахьтәы еихсарҭала адунеи аҟны зегь раасҭа иԥшӡоу аханқәа жәаба рфотосахьақәа.
1 / 10
Зҭоурых ҵаулоу, ауаа рацәа зҭаауа Сҭампылтәи ахан Топкапы.
2 / 10
Маисуртәи ахан мамзаргьы Амба Вилас, Индиа.
3 / 10
Адунеи аҟны зегь раасҭа идуу зегьы еицырдыруа ахан Анеира ахьыҟамло ақалақь, Китаи.
4 / 10
Ахан Шенбрунн, Вена.
5 / 10
Ноишванштаинтәи ахан, Германиа.
6 / 10
Аимператорцәа рхан, Токио.
7 / 10
Франциа иҟоу Шамбор ахан.
8 / 10
Апапацәа ртәарҭа ахьыҟаз ахан Авиньон, Франциа.
9 / 10
Кенсингтонтәи ахан , Лондон.
10 / 10
Ахыбра Пхра Тинанг Чакри Маха Прасат, Бангкок.