Апарашиутистцәа зҭаз аҳаирплан маҷ Ҭаҭарсҭан икаҳаит

Апарашиутистцәа зҭаз аҳаирплан маҷ L410 Ҭаҭарсҭан, ақалақь Мензелинск икаҳаит амҽыша ашьыжь.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аҳаиртә клуб иатәу ҩ-моторк змоу аҳаирплан маҷ  L410 Ҭаҭарсҭан, ақалақь Мензелинск икаҳаит амҽыша ашьыжь. Заанаҵтәи адыррақәа рыла 16-ҩык ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Арыцҳара ҟалеит амҽыша ашьыжь. Аҳаирплан иҭан 22-ҩык. Фҩык ахәшәтәырҭа иҭоуп, аӡәы иҭагылазаашьа шәарҭоуп.
L410 – ҩ-моторк змоу ҳаирплануп, чехословакиатәи ҭыжьымҭоуп. Аҳаирплан акоммерциатә хархәара иалагеит 1973 шықәсазы.