"Сынтәа аҽаҩра бзиа рымоуп анхацәа. Аџьықәреи уаҳа назҭахым ауп, аҟәынџь бзиа аадрыхуеит. Амандарина сынтәа имаҷуп. Ажь акәзар, аҽаҩра бзиан. Араса араҟа имаҷуп иаазрыхуа, аха хар амам ҳәа азгәарҭоит. Амҩақәа рзы ақыҭаҿы ацхыраара бзиа ҳамоуп. Акаҭран ахьықәу ыҟоуп, абӷанҷгьы ахьыҟоу убап, аха амҩа аҭагылазаашьа бзиоуп. Иҟоуп ҳаблақәак аӡазы ауадаҩра ахьыҟоу, аха уигьы адгьыл кылжәаны иҳаӡбартә ҳаҿуп, аха еиҳарак ақыҭа ӡыла еиқәшәоуп. Алашаразы зегьы реиԥш ҳаргьы ҳгәаҟуеит. Иажәхьоу ацәаҳәақәа рацәоуп, ацхыраара рҭахуп", - еиҭеиҳәеит Елерџьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.