"Амчыбжь аҩнуҵаҟа ашколқәа рҟны арҵаҩцәа, ахәыҷқәа рганахьала ҭагылазаашьа зеиԥшроу азы адыррақәа еизаҳгоит. Араион аҟны ашколқәа 17, ахәыҷбаҳчақәа хԥа ыҟоуп. 355-ҩык арҵаҩцәа ахьыҟоу, 60-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит…1656 ҩык аҵара ахьырҵо ахәыҷқәа, иахьа аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ԥшьҩык аҵаҩцәа рыӡбахә ҳәоуп аковид змоу ҳәа. Аҭагылазаашьа есҽны аҽаԥсахуеит. Ҩымчыбжьа раԥхьа акәзар 32- ҩык ыҟан. Арҵаҩцәа иахьазы ааҩык чмазаҩуп", - иҳәеит Ферзба.