АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы абҵара 7 рызтәи аҭагылазаашьала иаарԥшуп 313 коронавирус хҭыс ҿыц, абри атәы аанацҳауеит аоперштаб.
Иазгәаҭоуп, ичмазаҩхаз рахьтә 135-ҩык шхацәоу, 178 аҳәса шракәу, қәрала 82 шықәса рҟынӡа, иара убас 28-ҩык апациентцәа рықәра намӡацт.
Убас, Краснодар ақалақь аҿы 71-ҩык ирыдбалоуп, Шәача - 18-ҩык. 100 нызқьҩык ауааԥсыра рыбжьара 1471-ҩык ирыхьуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Апандемиа ҵысыижьҭеи 58795-ҩык апациентцәа ылҩаауп, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы илҩаауп 65-ҩык. 7689-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Арегион агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 рымоуп ҳәа агәҩара ззыҟоу 6534-ҩык. 3330-ҩык аҿкы рзышьақәырӷәӷәоуп. Амбулаторла рҽырхәшәтәуеит 32507-ҩык агәҩара ззыҟоу, иззышьақәырӷәӷәоу – 13796-ҩык.