Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мацхарашвили аҳасабеилыргаҩы изанааҭ иазкны

Аԥсны акультура аминистрра аҳасабеилыргаҩы Нонна Мацхарашвили арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит лзанааҭ ахь дышнеиз, аҳәынҭқарратә усбарҭеи акоммерциатә наплакқәеи рҿы аусура еиԥшымзаарас иамоу, аказначеитә система Аԥсны алагара ирнаҭаз аԥышәа атәы.
Sputnik
Абҵара 10 рзы рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит аҳасабеилыргаҩцәа.
"Ари зҭакԥхықәра даараӡа иҳараку занааҭуп. Иахьатәи ҳаамҭаз иарбан усхкы узлагалакгьы, аҳасабеилыргаҩы ида ԥсыхәа ыҟаӡам. Ҩажәаҟа шықәса ҵуеит аус зуеижьҭеи, бзиа избоит. Акәамаҵамарақәа даара ирацәоуп, еснагь аԥҟара ҿыцқәа ҳадыргалоит, аха бзиа ибаны амаҵ азызуеит сзанааҭ", - лҳәеит Мацхарашвили.
Лара еиҭалҳәеит Аԥсны аҳасабеилыргаҩцәа аказначеитә системахь ианиарга нахыс русура аҽшеиҭанакыз, уи ирнаҭаз аԥышәа атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.