Аԥсны

Ихадаз ахәмарра: "Риҵеи" "Нарҭи" ршьапылампыласцәа реиԥылара

Sputnik
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 21-тәи атур аҿы еиԥылеит гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи", дара рыҩбагьы 48-48 кәатала рыман.
Ашьапылампыл азы Аԥсны 28-тәи ачемпионат - гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыбжьара имҩаԥысит Лев Ажьиба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи астадион аҿы.
Ахәмарра ахыркәшара минуҭқәак шагыз "Нарҭ" ахәмарыҩцәа ампыл ҭадыршәит, уи алагьы 1:1 ҳәа еиҭахеит. Ари аҟәатәи акоманда аиааираз алшара анаҭеит.
Ачемпионат аихшьаалақәа рыла ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит "Гагра", 41 кәатала аманы.
1 / 15

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат 21-тәи атур аҿы еиԥылеит гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи"

2 / 15

Ашьапылампыл азы Аԥсны 28-тәи ачемпионат - гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыбжьара имҩаԥысит Лев Ажьиба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи астадион аҿы.

3 / 15

"Риҵа" акоманда амбахьчаҩ ампыл ахәмарра иалаигалоит

4 / 15

Иреиӷьу команданы ачемпионат хнаркәшарц азы "Риҵа" ахәарраҟны иаиааир акәын.

5 / 15

"Риҵа" азыҟаҵаҩ хада Рафаель Багаҭелиа.

6 / 15

"Нарҭ" ахәмарҩы Шабаҭ Логәуа.

7 / 15

Акомандақәа ахәмарра активла иалагеит раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны

8 / 15

Ҩ-командак рыхәмарҩцәа ампыл амба аҭаршәрахы рҽазыршәон

9 / 15

Ахәмарра аӡбаҩ хада

10 / 15

Аиааира ада ԥсыхәа шрымамыз еилкаауа гәдоуҭаа ирылшоз зегь ҟарҵон. Уи алҵшәагьы аанашьҭит. Ампыл ҭаиршәит ахәмарыҩ Аинар Гамсаниа - 1:0.

11 / 15

Акомандақәа рыхәмаршьа ӷәӷәан, иаҵахыр рҭахымызт, уи иахҟьаны аԥҟарақәа реилагарақәа рацәан.

12 / 15

Ахәмарра ахыркәшара минуҭқәак шагыз "Нарҭ" ахәмарыҩцәа ампыл ҭадыршәит, уи алагьы 1:1 ҳәа еиҭахеит. Ари аҟәатәи акоманда аиааираз алшара анаҭеит.

13 / 15

Ачемпионтә титул алахьынҵа ахьырыӡбоз ахәмарра хадаҿы ахәаԥшыҩцәа рацәаҩын, астадион ҭәын ҳәа уҳәар алшоит.

14 / 15

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит

15 / 15

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат Ахраҿа