Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит COVID аҟынтәи раԥхьатәи агәырлаҵара "Арепливир"

"Арепливир" ахыԥхьаӡалоуп Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы иҟарҵо аметодикатә абжьгарақәа. Иара ԥхьаӡоуп ауаҩы иԥсҭазаараҿ ихымԥадатәиу аҵак ду змоу хәшәны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит COVID аҟынтәи раԥхьатәи агәырлаҵара "Арепливир",
Апрепарт агәырлаҵаны ашәҟәы иҭагалан абҵара 12 рзы. Ахәшәҭирҭақәа рахь инагахоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмзазы.
Аԥҵаҩцәа иазгәарҭуеит, агәырлаҵара "Арепливир" шаԥырҵаз акоронавирус зыхьны ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу рзын. Аԥхьаҟа ргәы иҭоуп аингалиациатә формагь аҭыжьра.
Акоронавирус азы "Арепливир" акыԥ хәшәы аԥҵан 2020 шықәсазы, иҭрыжьуеит азауад "Биохимик" Саранск ақалақь аҟны.
"Арепливир" ахыԥхьаӡалоуп Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус ахәшәтәразы иҟарҵо аметодикатә абжьгарақәа. Иара ԥхьаӡоуп ауаҩы иԥсҭазаараҿ ихымԥадатәиу аҵак ду змоу хәшәны. Иара убасгьы, азин рымоуп амбулаторла ахархәара.