Аԥсны

Лымкаала ихаау: Гәымсҭа ақыҭан амандарина аҟәшәара иаамҭоуп

Аԥсны ирызҳауеит амандарина хкқәа ааба. Амандарина аамҭа рацәала иԥхасҭамхарц азы иахьыхьшәашәароу, 6-8°С иахьыҟоу иҵәахызароуп, ацәаакыра иацәыхьчалатәуп.
Sputnik
Амандаринақәа рҿыхра иасакьаҳәымҭоуп Аԥсны. Ацитрус аҟәшәара иалагоит абҵарамзазы, заа иҟало аҽаҩра ҿырхуеит жьҭаарамзазы. Аԥсуа мандаринақәа ргьама лымкаала ихауп, агәаӷь ргәылаӡам, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, авитаминқәа рыла ибеиоуп.
Краснодартәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит.
Амандарина иалырхуеит: ашәырӡы, аџьем, ашәырқалмышь.
1 / 14

Аԥсны амандарина аҿыхра иаамҭоуп.

2 / 14

Ашықәс ҿыц ааира иасимволу амандарина аҟәшәара иалагоит абҵарамзазы, ихдыркәшоит ԥхынҷкәнмзазы.

3 / 14

Амандаринатә баҳчақәа рацәоуп Гәымсҭа ақыҭан.

4 / 14

Ацитрус аҟәшәра ианаамҭоу хәыҷи-дуи ари аус рҽазыркуеит.

5 / 14

Амандарин аҟәшәаҩцәа рҽаҩра зны аведрақәа ирҭарԥсоит, урҭ анҭәлак аиашьыкқәа рахь иааргоит.

6 / 14

Амандарин беиоуп авитамин С ала.

7 / 14

Авитаминқәа рыла ибеиоу ашәыр Аԥсны анҭыҵ ирҭииуеит.

8 / 14

Амандаринақәа аҭиразы Урыстәылаҟа ргара иалагеит жьҭаарамзазы.

9 / 14

Краснодартәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит.

10 / 14

Аиашьыкқәа зегьы аидарамҩангага амашьына иақәҵаны аизакырҭахь иргоит.

11 / 14

Аплантациақәа рҟны ирацәаҩуп аус зуа ауаа. Дара рус арманшәаларазы рхы иадырхәоит ашәыреилыхга.

12 / 14

Амандарин беиоуп авитамин С ала.

13 / 14

Аԥсуа мандаринақәа ргьама лымкаала ихауп.

14 / 14

Амандарина иалырхуеит: ашәырӡы, аџьем, ашәырқалмышь.