Арепатриациа

Аубых хылҵшьҭра: Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Рыдван Уасса иҭоурых

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ аубых хылҵшьҭра Рыдван Уасса иабдуцәа рҭоурыхи иара иԥсҭазааратә мҩеи ирызкны анҵамҭа ҳадылгалоит Sputnik Аԥсны акорреспондент Саида Жьиԥҳа.
Sputnik
Зыԥсадгьыл ахсаала ианыӡӡааз аубых хылҵшьҭрақәа иахьа егьырҭ Кавказ амилаҭқәа ирылаӡҩаны адунеи иалаԥсоуп. Уажәы зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Рыдван Уасса иахьатәи Шәача азааигәара аӡиас Хәасҭа ахахьы иҟаз Чуаа (Чуазаа) рқыҭаҟны инхоз аубыхаа дрыҵкаруп. Иара еиҭеиҳәеит иабшьҭра атәым дгьыл ахь ишықәнагалаз атәы.
Рыдван Уасса
Аубыхаа жәларык раҳасабала рыԥсадгьыл аҟны ианынхоз, Шәача, аӡиас Хәасҭа ахахьы иҟаз Чуаа (Чуазаа) рқыҭа ҳәа изышьҭаз аҟны Уассааи дареи еигәылацәан. Ахҵәара аныҟала, иахьатәи сфырхаҵа иабду иаб Ҳабраҟ, иара усҟан 15 шықәса ихыҵуан, ижәлантәқәеи игәылацәа Чуааи дрыцны Баҭымҟа дықәымҵыр амуит, уантәи хара имгакәа Ҭырқәтәылаҟа иааит, рыбжаҩык Бырзентәылеи Иорданиеи рганахь иахнагеит. Уи нахыс еицәыӡыз аишьцәа ҟалеит.
"Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь азааигәара Чуаа рыԥсадгьыл аҿы ианыҟаз еиԥш рыжәла иахаршаланы ҿыц ишьақәдыргылаз ақыҭаҿы Уассааи дареи рыбзазара шьақәдыргылеит. Саргьы абраауп сахьиз", - аҭоурых еиҭеиҳәоит Рыдван.
Чуаа рыхьӡ зху даҽа қыҭак ыҟоуп Адаԥазар ақалақь азааигәарагьы. Рыдван иеиҳабацәа рҟынтә излаиаҳахьоу ала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ҭырқәтәылантәи зџьынџьдгьыл ахьчаразы ицаз аԥҳәызба Бергьиуль Чуазԥҳа лабду иашьа иоуп абарҭ анхарҭа ҭыԥқәа рышьақәыргылара иазааԥсаз.
"Амҳаџьырра аныҟала ҳәа ҳара 1864 шықәса ауп ҭоурыхла иаадыруа, аха Уассаа ҳжәытә ҳаҭгәынқәа рҿы иарбоу арыцхәқәа акырӡа шьҭахьҟа инахоуп. Ус акәзар, аубыхаа еиҳа ихьшәаны ахҵәара иақәшәеит ҳәа сгәы иаанагоит", - инаҵишьит ҳџьынџьуаҩ.
Рыдван иаб Фуаҭ раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыс лҟынтә хҩык ахшара иман, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Анаҩс иара динасыԥҳеит Кыпҷа ҳәа зарҳәоз Наиме Қапԥҳа. Дара ирхылҵит хәҩык ахәыҷқәа - ԥшьҩык аҷкәынцәеи ԥҳаки.
1 / 5
Рыдван Уасса
2 / 5
Рыдван Уасса
3 / 5
Рыдван Уасса
4 / 5
Рыдван Уасса
5 / 5
Рыдван Уасса
Рыдван Уасса данжыцәха, ианду (иан лыла) Фариеи Хьеиқәааԥҳа лахь дрышьҭит, лара Есмаҳаным ҳәа изышьҭаз аԥсуа қыҭаҿы дынхон.
"Есмаҳаным (Малан) ақыҭаҿоуп сара ашкол сахьҭалаз. Класск аҿы еицтәаз аԥсуаа ҳакәын. Сара уи аамҭазы аԥсшәа инаваргыланы аҭырқәшәагьы сҵахьан, аха сҩызцәа ирыздырӡомызт. Исгәалашәоит ҳарҵаҩы иаха аҩны аԥсышәала шәцәажәон ҳәа ахәыҷқәа алабала рнапқәа дышрысуаз. Аӡӷабцәа ианырзымчҳалак, аҵәыуара иалагон, "мап, ҳамцәажәаӡеит" рҳәон, аха иара рыгәра игаӡомызт", - рхатәы бызшәа ишахҭнырҟьоз далацәажәоит ҳџьынџьуаҩ.
Ашкол ашьҭахь, Рыдван аҩныргылаҩ изанааҭ иоуит, аха инапы алаикуеит абизнес, иман ихатә кәтааӡарҭа. Анаҩс, арра дцаны данаа, ацаԥхеи асапати рыҟаҵарҭатә фирмаҟны аусура далагеит, ари аалыҵ Ҭырқәтәылатәи адәқьанқәа рахь ишьҭуан. Рыдван хылҵшьҭрала дышубыху идыруан, аха ихатәы бызшәа иҵартә еиԥш изыҟамлеит. Иара игәалашәоит иабду иԥсы анҭаз х-бызшәак рыла дышцәажәоз - убых бызшәала, аԥсышәала, адыга бызшәала.
"Сабду ихаан иқәлацәа раӷьырак аубых бызшәа рҳәон. Аҩны асасцәа анырзаауаз, урҭ убыхзар - убых бызшәала ирацәажәон, иаԥсыуаазар - аԥысшәала, адыгақәа ракәзар - адыга бызшәала. Уассаа ҳаиҳабацәа аԥсуааи адыгааи ҳрылаӡҩеит. Сара саб ишьҭра зынасыԥ зыцеиҩыршоз аԥсуа ҭыԥҳацәа ракәын аҟнытә иахьа иҳацкару аԥсшәа ҳҳәоит. Адыгаа рганахь иагаз Уассаа ҳашьцәа Уашьаа ҳәа ирышьҭоуп", - иажәа иациҵоит Рыдван.
Ҳџьынџьуаҩ иахьа Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рахьтә абарҭ убых хылҵшьҭрақәоуп ҳәа рыӡбахә иҳәеит Чуазаа, Уанаҿаа, Ҭрышаа, Гогьенаа, Шәымхәаа, Озбыхәаа, Арыдаа, Озганаа, Ҩарданаа, Цәашәыуаа уҳәа.
"Аубыхаа аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу ҳахьтә сара амилаҭраҟны аубых ҳәа сарбоуп, сашьцәа аԥсуаа ҳәа иануп. Ҳара аубыхааи аԥсуааи аӡәыкны иаҳԥхьаӡоит, еилаҳхӡом азы ҳазыразуп", - инаҵишьит иара.
Рыдван Адаԥазар ауп раԥхьаӡакәны Кавказ Адернеқь даҭаауа дахьалагаз, усҟан уи аиҳабыс дахагылан ианду лаҳәшьаԥа Аҳмеҭ Қәҭарба. Рыдван Уасса иџьабаа адуп Сҭампыл иаартыз Кавказ Адернеқьқәа руак. Иахьа иара Ҭырқәтәыла дыззымдыруа дыҟоуп ҳәа сыҟам. Рыдван уахи-ҽни иуаажәлар ринтересқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зыӡбо рыгәҭа дгылоуп. Хазы Аԥсуа культуратә центр шьақәгылеижьҭеи иԥсҭазаара адиҳәалеит уҳәар имцхом. Аԥснынтәи инеиуа аӡәы аԥсшәа иамҳәакәа, ичеиџьыка агьама имырбакәа доуижьхьеит ҳәа сыҟам.
Рыдван Уасса
Рыдван Уасса 2011 шықәсазоуп раԥхьаӡакәны иԥшәмаԥҳәыс Сабаҳаҭ Саӡԥҳа диманы Аԥсныҟа данаа. Иара иажәақәа рыла хымш аҵәыуара даҿын. Аԥсны абираҟ анибоз, ахәыҷқәа аԥсышәала реицәажәара аниаҳауаз уҳәа игәы зырԥшаауаз рацәан.
"Аԥсны сара сгәы ауп. Уахь нхара диасит сашьа Седаҭ. Тәанчара санцо, амшын иацәыхарамкәа қыҭак аҟны дгьылк аахәаны аҩны сыргылар сҭахуп. Сыԥшәмеи сареи акәты наҳҵап, ажә ҳааӡап. Ҳара аус ҳацәаашьаӡом, ҳхазы акәым, ҳажәларгьы рымаҵ ааурагьы ҳалшоит. Анцәа иҳәаны ҳҭоурыхтә дгьыл ахь ҳхынҳәыр, агәра згоит ҳԥацәагьы агәыбылра шроуа", - ҳәа азгәеиҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Сҭампыл Кавказ акультура ӡырызго: ҳџьынџьуаҩ Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лҭоурых
Рыдван Уасса машьынала Кавказ атәылақәа жәпакы дрылсхьеит, дцеит Гәбаа рдәы. Иара иблала ибар иҭахын анкьа иабдуцәа зхырбааз адгьыл.
Рыдван Уасса иахьа Сҭампыл ақалақь аԥсуа ҭаацәара Абашаа ихыртны ирымоу амҿымаҭәахәқәа ахьыҟарҵо афабрика деиҳабуп. Аубых-аԥсуа ҭаацәа Рыдван Уассеи Сабаҳаҭ Саӡԥҳаи уанрацәажәо угәы азҳауеит. Дара аԥсшәа бзианы ирдыруеит, иныҟәыргоит аҵас, ақьабз. Ари аҭаацәараҟны аԥсуара ҿыцәаара шақәым убаратәы иҟоуп.
Рыдван Уасса
Рыдвани Сабаҳаҭи ҩыџьа аԥацәа рымоуп Альпери Шамили. Арԥарцәа Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Рани раби реиԥш рҭоурых ргәы азыбылуеит.