Ашықәс ҿыц аламҭалаз аԥсабара хәыҷи-дуи зегьы аргәырӷьеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ашамҭаз Аԥсны зегьы сыла ихҟьан.
Згәырӷьара ҳәаа амамыз хәыҷи дуи зегьы дәылҵны асеигәыдҵа ихәмарит. Иара убас, рфотосахьақәа ҭыхны аинтернет ҳақәа ирҭарҵеит.
Уи аԥхьаҟа уахынла аҳауа -3 градус рҟынӡа илеины иҟан. Аҳәынҭавтоинспекциеи Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи ауааԥсыра ргәырҽаннырҵеит амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, ахара амҩа иқәымлаларц, аиҳаракгьы ашьхара иаԥну аҭыԥқәа рахь.