Аԥсны

Раԥхьатәи асы, аоппозициатә мчрақәа рмитинг: ииасыз амчыбжь афотосахьақәа рҟны

Sputnik Аԥсны ишәзеизнагеит иҳаҩсыз амчыбжь азы ҳтәылаҿы мацара акәымкәа адунеи аҿгьы еиҳа иалнакааз ахҭысқәа рфотосахьақәа.
Sputnik
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит аоппозициатә мчрақәа рҿагыларатә акциа, илеиит раԥхьатәи асы, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови еиԥылеит Шәача.
Ажәакала, ирацәоуп амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсни адунеи аҿи имҩаԥысуаз ахҭысқәа, еиҳа иалкаахаз Sputnik афотосахьақәа рҟны.
1 / 15

Ашықәс ҿыц аламҭалаз аԥсабара хәыҷи-дуи зегьы аргәырӷьеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ашамҭаз Аԥсны зегьы сыла ихҟьан.

2 / 15

Адраиерцәа Аҵаа Бабадуи Ельфи рымаҭәа рышәҵаны ақьафурҭа "Корал" аквариум аҟны, Бали.

3 / 15

ЕАА, Мэифилде аԥсыжырҭақәа аҵла рықәҳаит.

4 / 15

Берлин ақалақь ахада ҿыц Франциска Гифф.

5 / 15

Малаизиа аӡхыҵра.

6 / 15

Арратә ҽазыҟаҵарақәа Great Prophet 17, Иран.

7 / 15

Шамтәылатәи ахәыҷқәа.

8 / 15

Омсктәи аҩнеихагылақәа анаҟәа илагылоуп.

9 / 15

Аԥсны имҩаԥысит аоппозициатә мчрақәа рҿагыларатә акциа.

10 / 15

Хунг Иен, Вьетнам аҳәса ашәҭқәа ирылагыланы рфотоқәа ҭырхуеит.

11 / 15

Мадрид ихыҵыз авулкан аҟынтәи ааха зауз рыцхырааразы акциа.

12 / 15

Пуэрто-Рико ақалақь аҟны амашьынарныҟәцаҩцәа Covid-19 азы атест аҭаразы агәаран иқәгылоуп.

13 / 15

Дакар амода амчыбжь азы.

14 / 15

Сингапуртәи иџьашьатәу.

15 / 15

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови еиԥылеит Шәача.