Аԥсны

Еилаарцыруа ақьала: Аԥсны аԥсаӡ хадақәа шдырхиаз

Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп, ԥшшәы рацәала, еилаарцыруа аԥсаӡқәа рхиоуп.
Sputnik
Мчыбжьык аԥхьа Аҟәа ашҭа хадаҟны аԥсаӡ дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит. Иҳәатәуп, сынтәа аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц ишазыхиоу. Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рҟны идыргылеит ашықәс ҿыц иасимволу-аԥсаӡқәа, дара зегьы рырхиашьа еиԥшым, аха уезгьы агәалаҟара бзиа урҭоит.
1 / 20

Гагра аԥсаӡ ргылоуп игьежьуа аланырԥшыра азааигәара.

2 / 20

Аԥсаӡ иақәыршәу еилаарцыруа алашарбагақәа ааигәа-сигәа зегьы арлашоит.

3 / 20

Аԥсаӡ амахәқәа ирхьынҳалоу ахәмаргақәагьы каҷҷоит.

4 / 20

Аԥсаӡ акәша-мыкәша уамакала илашоит.

5 / 20

Ԥицундатәи аԥсаӡ сынтәа иҟаԥшьу аԥшшәқәа рыла иуаркалеиуеит.

6 / 20

Аҟәа иааиуа ашықәс ҿыц ахыԥхьаӡарақәа рыглоуп.

7 / 20

Афонтәи аԥсаӡ уаркалеиуеит, иара еиҳарак алашарбагақәа рыла иҩычоуп.

8 / 20

Афонтәи апарк ацҳақәа реиҿкаашьа аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵоит.

9 / 20

Аҭыԥантәи анхацәеи асасцәеи рзы еиҿкаауп афотоҭыхымҭақәа рҭыԥ.

10 / 20

Афонтәи апальмақәа алашарбагақәа рыла иҩычоуп.

11 / 20

Есышықәса еиԥш сынтәагьы Гәдоуҭатәи аԥсаӡ архиашьа аҽакы иалаҩашьом.

12 / 20

Аҟәатәи аԥсаӡ аҿаԥхьа еснагь ауаа рацәоуп.

13 / 20

Аҟәа ашҭа хадаҟны аԥсаӡ дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит.

14 / 20

Аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц иазыхиоуп.

15 / 20

Аԥсаӡ акәша-мыкәша акрыфарҭа маҷқәа аартуп, агәаҳәара змоу зегьы акаҳуа, ачаи, еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа аархәарц рылшоит.

16 / 20

Ахәылбыҽха аԥсаӡ аԥхьа Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи афото рыцҭыхра алшоит.

17 / 20

Тҟәарчалтәи аԥсаӡ.

18 / 20

Сынтәа аԥсаӡқәа зегьы еиҳарак еилаарцыруа ақьалақәа рыла ирхиоуп. Ус идырхиеит Очамчыратәи аԥсаӡгьы.

19 / 20

Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа есышықәса еиԥш сынтәагьы иԥшӡароуп.

20 / 20

Галтәи аԥсаӡ ақалақь акультура ахан аҿаԥхьа идыргылеит. Ахәмаргақәа ԥшшәы рацәала еилаԥсоуп.