Аԥсны

Аҿкчымазара агәхьаа мкыкәа: аамҭақәак рнаҩс РУСДРАМ раԥхьатәи аспектакль

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр бжьымз рышьҭахь ҩаԥхьа ашәқәа аатит. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахҟьаны Аԥсны ахада идҵала ԥхынгәымза 12 аахыс акультура аусбарҭақәа русура аанкылан.
Sputnik
Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы.
"Радость вопреки всему" аспектакль ахәаԥшцәа дырбаразы ихиан мызқәак раԥхьа, аха ҳтәылаҿы иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны ахәаԥшцәа рахь ацәыргара залмыршакәа иҟан.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа режиссиорс дамоуп Мариа Романова. Ақәыргыламҭа ахықәкқәа ируакуп Лорка иажәеинраалақәа рыла иҩнуҵҟатәи адунеи, ихаҭара заку аарԥшра, атеатр аҭоурых аиҭаҳәара. Асценаҟны адекарациақәа маҷын, ахәаԥшцәеи актиорцәеи еилаҵәон, асцена аханы икнаҳан Лорка ифотосахьақәа, актиорцәа ҟазарыла иаадырԥшуан аҟазара иаҵоу ахьааи ауадаҩрақәеи. Аспектакль испаниатәи апоет иԥсҭазаарахь ухьазырԥшуа акакәны иҟалеит. Аԥсуа театрқәа Лорка иҩымҭақәа ирылхны акымкәа-ҩбамкәа аспектакльқәа ықәдыргылахьеит. Уи ала иуҳҳәар алшоит Лорка ирҿиамҭа аԥсуаа ирзаагәоуп ҳәа.
Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны 2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан.
1 / 10

Аԥкрақәа рышьҭахь Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацныркит, ажьырныҳәа 26 азы.

2 / 10

Атеатр уахьааҩналоз ахәаԥшцәа ирыдыргалон асабрадақәа.

3 / 10

Атеатр иаҭааз зегьы рнапқәа дыррзҩыдон.

4 / 10

Азал аҟны итәаз зегьы асабрадақәа рхан.

5 / 10

Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала аспектакль ықәлыргылеит арежиссиор Мариа Романова.

6 / 10

Атеатр ақәыргыламҭа цәыббрамзазы аԥхьарбара иазхиан.

7 / 10

2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи.

8 / 10

Ари аамҭазы атеатр аҟны аҽазыҟаҵарақәа ишарҿыц ирҿын.

9 / 10

Иара убас, атетар атруппа изныкымкәа Урыстәылаҟа агострольқәа рахь ицахьан.

10 / 10

Актиорцәеи ахәаԥшцәеи реибабара акыр аамҭа иазыԥшын.