Аԥсны

"Атеррористцәа" рықәхразы: ашәарҭадаратә маҵзурақәа Аҟәа рыҽшазыҟарҵо

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 5 рҟынӡа.
Sputnik
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи азинхьчаратә усбарҭақәеи атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аҟәа, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбра аҿаԥхьа. Иазгәаҭоу ауснагӡатә инақәыршәаны азинхьчаратә усбарҭақәа авертолиоти, акәылӡмашьынақәеи, еиуеиԥшым арратә техникеи рхы иархәаны атеррористцәа иаанкыланы ирымаз ауааԥсыра рхы иақәидыртәит.
Ажьырныҳәа 26 азы АШӘм апресс-маҵзура ааԥхьара ҟанаҵеит ааигәа иҟоу аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәеи аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааи агәҽанызаара аадырԥшырц.
1 / 10

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура атеррористҿагылартә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 5 рҟынӡа.

2 / 10

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аҟәа, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбра аҿаԥхьа.

3 / 10

Аҽазыҟаҵарақәа рҿы рхы иадырхәоит арратә техникеи, авертолиоти, акәылӡмашьынақәеи.

4 / 10

Аҽазыҟаҵарақәа азырхоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирымоу рдыррақәеи рԥышәеи реизырҳара.

5 / 10

Атеррористцәа иааныркылаз ауаа роушьҭразы амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ахыб аҟынтәи илбаауеит.

6 / 10

Иҷыдоу аҽазыҟаҵара змоу агәыԥ аԥшыхәраҿы игылоуп.

7 / 10

Акинологцәагьы ахархәара рыҭан.

8 / 10

Атехника ҷыдеи алақәеи рхархәарала амашьына арҭҟәацга аҵазар гәарҭоит.

9 / 10

Иаанкылоу атеррористцәа иҷыдоу агәыԥ рнапахьы ирыҭоуп.

10 / 10

Атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахыбра аҿаԥхьа ада егьырҭ аҭыԥқәеи ахыбрақәеи рыҟны имҩаԥгахоит.