Нанҳәа 9 1945 шықәса рзы аҩбатәи атомтә бомба алажьын иапониатәи ақалақь Нагасаки, знык ала иҭахеит 70 нызқь рҟынӡа ауааԥсыра, даҽа 10 нызқьҩык - аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа, арадиациа иахҟьаны.
Ажьырныҳәа 29 1985 шықәса рзы Ниу-Дели (Индиа) имҩаԥысит Индиа, Аргентина, Бырзентәыла, Мексика, Танзаниа, Швециа атәылақәа рхадацәеи рԥыза-министрцәеи реилатәара. Уи аҽны дара ирыдыркылеит Делитәи адекларациа - аиадертә ҳәынҭқарра дуқәа иадертә бџьарла аицлабра иаҟәыҵырц, иара убас ирымоу аиадертә бџьар еиҳа-еиҳа ирмаҷуа, зынӡагьы иқәыргарц, убри алагьы аиадертә еибашьра ҟалоит ҳәа иҟоу ашәарҭара аԥырхырц.