Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә мҩаԥысит "Аҵысҭра" захьӡу пекинтәи астадион аҟны. Ари аҩыза ахҭыс ҩынтәуп араҟа имҩаԥысуеижьҭеи. Астадион ргылан 2008 шықәсазы аԥхынтәи Алимпиатә хәмаррақәа рзы.
Апандемиа иахҟьаны аусмҩаԥгатә акыр ишырмаҷызгьы, аспортсменцәа рпарад даара иблахкыгахеит уаанӡатәиқәа акы иеиԥшымкәан.
Аолимпиатә хәмаррақәа раартраз имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә иалахәын хнызқьҩык инарзынаԥшуа актиорцәа китаитәи акультура хәҭа хәыҷӡак ахәаԥшцәа ирыдызгалаз. Ихыркәшан еиҭаҳәашьа змам Аолимпиатә мацәазқәа ҵааршәла ишьақәгылази асалиути рыла.
Пекин аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә иалахәу артистцәа.
Китаитәи агәыразреи асасдкылареи иасимвалу Пекин аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа талисманс иаиуз апанда Бин Дун Дун.
Аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа раартра иазку аусмҩапгатәқәа ахьымҩаԥысуа пекинтәи астадион "Аҵысҭра".
Китаи Жәлар Ареспублика абираҟ XXIV тәи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә ахьымҩаԥысуа астадион ахь инаргеит.
Пекин аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә.
Урыстәылатәи аспортсменцәа астадионахь ицәырҵит рмилаҭтә бираҟда WAD ирыдҟарҵало асанкциақәа ирыхҟьаны.Урыстәылатәи аделегациа аилазаараҿ 461-ы ахаҭарнакцәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә 212-ҩык аспортсменцәа.
Артистцәа ҟазара ҳаракыла иқәгылеит Пекин аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә аҿы.
XXIV тәи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра алагамҭаз ахәычқәа рықәгылара.
XXIV тәи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра алагамҭаз артистцәа рықәгылара.
Пекинтәи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә иалахәыз ахәаԥшцәа гәаларшәагас афотосахьақәа ҭырхон.
Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рхы рыладырхәыц иааит зделегациа аилазаара дууз Канадатәи аспортсменцәа.
Даара иблахкыгаз XXIV тәи аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раартра аусмҩаԥгатә иазкыз афеиерверк.