Аԥсны

Иԥсыршьагоу аҭыԥ: аҟәатәи аԥсыӡкыҩцәа раамҭа шырхырго

Аԥсыӡкра абзиабаҩцәа рзы зеиԥш ыҟам аамҭоуп уажәы. Есыҽны дара рыҵәгәырқәа рыманы аҟәатәи асқьал аҿы инатәоит, иркуа аԥсыӡ хкқәа иреиуоуп аидыԥсалеи апеленгаси.
Sputnik
1 / 10

Аԥсны аԥсыӡкра иаамҭоуп, уи абзиабаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп аҟәатәи асқьал аҿы.

2 / 10

Аԥсыӡ "иазшәарыцоит".

3 / 10

Амшын аҟәара иазааигәаны иааит аԥсыӡ рҳәоит аԥсыӡкыҩцәа.

4 / 10

Аҟәатәи абаӷәаза аӡымҽхак аҟны еиҳарак иркуа аидыԥсала ауп.

5 / 10

Ажьырныҳәамзазы ари аԥсыӡхкы азын аиҭаҵра аамҭоуп.

6 / 10

Убри аҟынтә есыҽны аҟәатәи асқьалаҿы жәаҩыла аԥсыӡкра-абзиабаҩцәа рыҵәгәырқәа кны игылоуп.

7 / 10

Аԥсыӡ рацәа акра аԥышәеи ақәҿиареи иабзоуроуп.

8 / 10

Аԥсыӡкыҩцәа аӡәырҩы раамҭа аиҳарак асқьалҿы имҩасуеит азын, шьыжьхьеи шьыбжьхьеи ара ирықәшәоит.

9 / 10

Аԥсыӡкыҩ иҟазшьа ҷыдара хадақәа ируакуп ачҳара.

10 / 10

Аҵәгәыр аршәшьа шәазҟазазар, хымԥада аԥсыӡ аҿамшәар алшаӡом.