Аԥсны

Гагра араион аҿы ахатәы ҩны анбылуаз ахаҵа дҭахеит

Гагра араион Аныхаԥсҭа ақыҭаҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит жәабран 10 ауыха.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Гагра араион аҿы ахатәыҩны анбылуаз ахаҵа дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь асааҭ 21:32 рзы инеит амцарцәага машьынақәа хԥа, аха уи аамҭазы аҩны зегьы амца иамҽханакхьан. Аҩны ахыб еилаҳахьан.

Аҩны арцәара рзалмыршакәа иблит. Анаҩс ауаҩы дшалаблыз гәаҭан.
Уажәазы уи ихаҭара шьақәдыргылоит.