Аԥсны

Гәдоуҭа амҩатә машәыр ҟалеит

Аҟәатәи амҩаду 72 километр аҟны автомашьына Toyota Mark X аҵла иасит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Гәдоуҭа амҩатә машәыр ҟалеит, амашьына апсҟы зкыз ахәшәтәырҭахь днаргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Автомашьына амҩаҿықәан игылаз аҵла иасит. Амашәыр шыҟалаз азы Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 21:29 ахәаша жәабран 11 рзы.

Аиқәырхаҩцәа аҭыԥахь иаразнак инеит, атехника ҷыдала амашьына ԥҟаны аԥсҟы зкыз дҭыганы ахәшәтәырҭахь днаргеит.