Аԥсны

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи аспектакль

Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.
Sputnik
Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари автор аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа, апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, асценограф асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба. Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Нестор Лакоба ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Арухаа.
1936 шықәса рзы Аԥсны Жәлар ркомиссарцәа рхеилак (Совнарком) ахантәаҩы Нестор Лакоба иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит, Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь. Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Нестор Лакоба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан. Аамҭақәак рышьҭахь Лакоба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәса рзы дҭаркит иара иԥшәма Сариа. Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа уи мап ацәылкуан.
Сариа Лакоба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ Орточалтәи абахҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.
1 / 12

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс илызку аспектакль "Сариа" апресс-рбара мҩаԥысит аԥсуа драматә театр асценаҟны.

2 / 12

Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.

3 / 12

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь, Сариа дҭаркуеит.

4 / 12

Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа.

5 / 12

Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит.

6 / 12

Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан.

7 / 12

Актриса Хьыбла Мықәԥҳа арежиссиор лыгәҭакы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәон, амҩа иқәылҵон, аҭоурыхтә фактқәа дырзааҭгылон.

8 / 12

Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари лыҩит аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа.

9 / 12

Апиеса лыҩит Сариа лҭаца, Адиле-Аббас-оӷлы лареи анеибадыр ашьҭахь

10 / 12

Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа

11 / 12

Ақәыргыламҭа арежиссиор- Мадина Аргәынԥҳа.

12 / 12

Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.