АҞӘА, хәажәкыра – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит аус зуа аҭаацәа ахшара дахьроуз азы ирзыршәо уаанӡа ирзыршәоз ацхыраагӡа 13 500 рҟынтәи 15 000 мааҭ рҟынӡа иацҵаны ироуртә ақәҵара.
Уи адагьы, заа аҽгәаҭарақәа рахь инеины зыҽҭазҩыз зцәа зтәым аҳәса ирырҭо ацхыраагӡа 800 мааҭ рҭыԥан 1000 мааҭ рзыршәалоит. Абри азы апроект ӡырылгеит Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьеи рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ирма Ҷантуриаԥҳа.
"Ишәыдаагало апроект хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарратә социалтә ԥгаԥса аиӷьтәреи ацхыраагӡақәа реизырҳареи. Урҭ усҟак ирацәамзаргьы, ҳтәыла иамоу алшарақәа ҳасаб рзуны иазырхиоуп. Иҵегьы еиҳахар ҳҭахын, аха апандемиеи аекономика иаԥырхагоу егьырҭ ауадаҩрақәеи ирхырҟьаны уажәазы абри ауп иҳалшо", - лҳәеит лара.
2022 шықәсазы иҟало алшарақәа иаҳдырбоит ҳаԥхьаҟа иҵегьы еиҳаны ацхыраагӡақәа рыцҵара ҳалшо иҳалымшо ҳәа адырра ҟалҵеит Ҷантуриаԥҳа.