Арадио

Ҳаџьымԥҳа аицлабрақәа "Аԥсны афокус аҿи" "Араӡны калами" рзы: аҟазара злоу ауаа маҷым

Жәабран 26 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥган аицлабрақәа "Араӡны калам", "Аԥсны афокус аҿы" иалахәыз, иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара. Аиҿкааҩцәа уи хәшьарас иарҭо, анаҩстәи рыгәҭаккәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Саида Ҳаџьымԥҳа.
Sputnik
"Аицлабрақәа ҳанрылацәажәо, еиҿкааҩык иаҳасабала ахәшьара ҳаракы рыҭара иашаӡам ҳәа сыԥхьаӡоит. Ицәгьаӡам, ҳәарада, еиӷьзар ҟалон. Уи иаҳцәыбжьахаз азҵаарақәа анаҩстәи ҳусқәа рҿы ахшыҩзышьҭра рыҭаны иҳарҽеиша ыҟоуп. Аицлабрақәа ицәгьамкәа имҩаԥысит, ихыркәшоуижьҭеи маҷгьы ҵӡом, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны абраанӡа иааҳгеит. Урҭ рҟынтәи ихадарақәаз "Араӡны калам" аҟны ҳаибашьра иалахәыз ҳветеранцәа рҩымҭақәа рзы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьареи, афотоеицлабраҟны аԥхьахә ҭыԥ аанызкылаз аҳамҭа ианашьареи роуп. Атәылахьчара аминистрра арҭ азҵаарақәа рҟны алагала дууп", - лҳәеит Ҳаџьымԥҳа.
Лара иазгәалҭеит арҭ аицлабрақәа ишаадырԥшыз аҟазара злоу ауаа шмаҷым.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.