Хәажәкыра 7 инаркны ақьырсиан иашахаҵартә дин ныҟәызго рзы иалагоит Ачгара ду. Уи Амшаԥныҳәа ааира бжьымчыбжьа шагу иҵалоит. Рыцхәла иара есышықәса аҽаԥсахуеит, ианақәшәо еиԥшым, уи амза агыларала ирыԥхьаӡоит: зны изааны жәабранмза инаркны иалагоит, зны - ихьшәаны (сынтәеиԥш). Аԥсуаа ари даҽакала "аҿбаара аҵалара" ҳәагьы азырҳәоит. Амшаԥныҳәа сынтәа мшаԥы 23 иақәшәоит.
Ачгара ду аԥхьа иҟоу амчыбжь азы аԥсуаа ацқьашә ԥырҟоит.
"Ацқьашә анԥырҟо Амшаԥныҳәа иадҳәалоу ачгараан ауп. Ахш еилаҭәаны ашә хырхуеит, еиларҵоит, идырҩоит. Ачгара мчыбжьык шагу иныҳәаны иԥырҟоит. Уи нахыс ахшхырҵәы, акәацлых афара ҟалом. Ари ҽазыҟаҵароуп, ақьырсианра атәы шьақәырӷәӷәаҵәҟьаны иаҳәоит, даҽакала знеишьа ыҟаӡам. Аха араҟа иҟоуп даҽакы ақьырсианра иадҳәалам - жәабран. Уи аԥацхаҟны аԥсуа мца еиқәҵаны ахәшҭаараҟны ара, алаҳа абӷьы заа еизыргоз, идырцәаакуаз шьҭарҵон. Убра амажәа ыларҵон. Жәабран захьӡу арахә рынцәахәы иоуп. Аҵәырса ҟарҵон. Ахш андырҵәо ахааҵа арҭоит. Амажәа аныҟарҵо аҵәырса (дрожжи - азгә.) арҭоит. Уи ашьҭахь ахәшҭаараҟны ирӡуан, иныҳәаны ахәыҷы- аду, агәыла-азла ирырҭон. Уи амҽыша акәын ианыҟаз, иааиуа хәажәкыра ашәахьеи иареи мчыбжьык рыбжьоуп", - иҳәеит Ашәба.
Аицәажәара иаҳа инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.