"Аекономикаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа ҳрыхәҭакуп. Иааҳхәо атехника ахәԥса адоллар иаҵанакуазар, рыхәқәа халоит. Иҟоуп акатегориақәа ахәқәа ахьхалаз, еиҳарак уи аҭелқәа роуп. Атехника Урыстәыла еизыргозар, уи ахәԥса аҽеиҭанакӡом. Рыхәқәа халазар аҳәаанырцәынтәи иаауа, ҳара ҳҿгьы ихалоит, Урыстәыла ишхало еиԥш. Аекономикаҿы аиҭакрақәа аныҟало ҳаргьы ҳадҳәалоуп, иага ҳхаразаргьы. Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы Урыстәыла иҭыҵуа ахә еиҭаҵӡом, аҳәаанырцәынтәи Урыстәылаҟа иаауа, убра ахә еиҭаҵуеит. Еиҳарак зегьы ргәы иҵхоит iPhone. Урҭ рыхә ахалара иаҿуп, аха ҳазыԥшуп зегьы анҭышәынтәало ҳәа. Уи аныҟала, ҳгәыӷуеит зегьы рыхәқәа рҭыԥқәа рҿы инеип ҳәа", - иҳәеит Лагәлаа.
Иара иҳәеит макьана атауар ахыԥхьаӡара аганахьала ауадаҩрақәа шыҟам. Атехника аҭира аганахьала асанкциақәа ҟалаӡом ҳәа азгәарҭоит аспециалистцәа макьаназы, нас иҟало аамҭа иаҳнарбап ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.