Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳашба алхрақәа рахь абжьыҭаразы анеира иазкны

Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭан инхо Зураб Ҳашба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҳәаақәа ирҭагӡаны игәаанагара иҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рахь изнеитәу ҳәа зиԥхьаӡо.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы.
"Алхрақәа ҳрылахәхароуп. Ҳаԥхьаҟа ҳаԥсҭазааратә мҩа шыҟало иазкуп, аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп, аха умнеиргьы ауам. Иудыруазеи, аҿар иааиуа аҵара змоу ыҟоуп, уреигәырӷьартәы иҟоуп, аиҭакрақәа ҳарзыԥшуп. Ҳгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа џьара ԥсҭазаара бзиак ҟалап ҳәа", - иҳәеит Ҳашба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.