Аԥсны

Аԥсны сынтәатәи аӡын: ауааи ахҭысқәеи

Sputnik
2021-2022 шықәсазтәи аԥснытәи аӡын ахҭысқәа рыла ибеиан - аенергетикатә кризис, аҿкчымазара аҿагылара, Жәлар Реизарахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара, ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра азхаҵара, иара убас арҭ ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсныҟа раагара.
Аӡынразы имҩаԥысыз аполитикатәи, акультуратәи, аспорттә хҭысқәеи Sputnik Аԥсны афотоҭыхымҭақәа рҟны.
1 / 13

Сынтәатәи аӡынра хьшәашәаран, ареспублика агаҿа акырынтә асы леит.

2 / 13

Илеиуаз асы хәыҷи-дуи аигәырӷьон, асеигәыдҵа ҟарҵон.

3 / 13

Сынтәа аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц иазыхиан. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ ду дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит.

4 / 13

Аӡын аҽеиҩшамҭазы аԥсуаа пату зқәырҵо аныҳәа ду иаԥылоит. Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәсеиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.

5 / 13

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира.

6 / 13

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Sputnik Аԥсны Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" аинформациатә дгылара анаҭеит.

7 / 13

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацнаркит ажьырныҳәа 26 азы.

8 / 13

Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМ-и реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аҟәа ажьырныҳәа 27 - жәабран 5 рзы.

9 / 13

Риҵа аӡынтәи асахьа.

10 / 13

Аҟәатәи асқьалаҿы аԥсыӡкыҩцәа раамҭа рхыргоит, уажәааны аидыԥсала ҳәа изышьҭоу аԥсыӡ ауп аҵәгәыр иаҿашәо.

11 / 13

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аусура хацнаркит Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызку аҭоурыхтә спектакль "Сариа" ала.

12 / 13

Жәабран анҵәамҭазы ааԥынра шааигәахәоз мҩашьо акырӡа ишоурахеит.

13 / 13

ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Украинеи аҭагылазаашьа аныуадаҩха, Донбасстәи ареспубликақәа рҟынтәи аҭынчуааԥсыра ралгара иалагеит. Ус Аԥсныҟа иааган ахҵәацәа, иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Аԥсны ДЖәР-и ЛЖәР-и рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 26 рзы.