Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Харчлаа Тҟәарчал алхрақәа иахьынӡарзыҟаҵоу атәы

Ҩажәи жәиԥшьтәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Тҟәарчалтәи аҩбатәи) акомиссиа ахантәаҩы Вахтанг Харчлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара иахьазы ишазхиоу.
Sputnik
" 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада алхратә ҭыԥқәа ԥшьба аҵанакуеит. Иахьа зегь рыла еиқәшәоуп, асиақәа кнаҳауп. Уаҵәы абжьыҭара ҳәа рҳәаргьы, ҳаиқәшәоуп зегь рыла. Акомиссиа алахәцәа аӡәы дычмазаҩхар, уи дзыԥсахыр зылшо ауаа рсиа ҟаҵаны иҳамоуп", - иҳәеит Харчлаа.
Иара иазгәеиҭеит алхратә комиссиақәа шышьақәгылоу арҵаҩцәеи аҭыԥантәи администрациақәа рҟны аус зуеи рыла.
Иара иҳәеит уи аԥхьа иҟаз алхрақәа рҟны сиала ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа абжьыҭара иалахәызар рылшозҭгьы, уажәы ралхратә ҭыԥ хадаҟны алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 1800-ҩык рҟынӡа иҟоуп ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.