"Ф-ҩык аҵаҩцәа 5-9 аклассқәа рыҟны иааит. Ҵаҩык дтәоуп 5-тәи акласс аҿы, аӡәы – 8-тәи аҿы, х-ҩык тәоуп ажәбатәи акласс аҿы, даҽаӡәы 10-тәи акласс аҿы. Актәи акласс инаркны аԥшьбатәи аҟынӡа итәоу ахәыҷқәа ҳарҵаҩы ахҵәацәа ахьыҟоу асасаирҭа аҩнуҵҟа идлырҵоит. Урҭ 13-ҩык ыҟоуп. Ҳҵаҩцәа ҳрацәажәахьан, ирдыруеит ахәыҷқәа ахьынтәиааз, убри аҟнытә уадаҩрада ирыдыркылеит. Аԥсшьараамҭазы еицын, ашкол ддырбон. Ахәыҷқәа арҵагатә шәыҟәқәа рыла еиқәҳаршәеит, ашколтә буфет аҿы еиҿкаауп хәыда-ԥсада рыкрыфара. Ҳапсихолог ацхыраара рылҭоит лымч ахьынӡақәхо", - ҳәа еиҭалҳәеит Ломиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.