Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков Урыстәыла арратә ҭагылазаашьа аларгалоит ҳәа ирҳәо ҿаԥиҽит

Уаанӡа Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова аҳәамҭа ҟалҵахьан урыстәылатәи ар Украина рыҟазааразы "имцу аинформациа шырацәаӡоу", уи азы ахара рыдылҵеит НАТО анапаҵаҟа иҟоу аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маҵзура Дмитри Песков мцуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла арегионқәак рҿы арратә ҭагылазаашьа алагалахоит ҳәа иаладырҵәо ажәабжь. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Иахьазы иарбан информациазаалак даара еилыршәшәалатәуп, амцрақәа, аԥаршеирақәа рыгәра амгаразы", - ҳәа иҳәеит Песков Урыстәыла арегионқәак рҿы арратә ҭагылазаашьа алагалахоит ҳәа иаладырҵәо ажәабжьқәа ахҳәаа аҭо.

Урыстәылатәи ачынуаа изныкымкәа ирҳәахьеит арратә операциа иаалагазар аинтернет имцу аинформациала ишҭәыз.
Убас, уаанӡа Атәылахьчара аминистрра иаҿаԥнаҽит аурыс ар рҿы хыԥхьаӡара рацәала ацәыӡқәа ыҟоуп ҳәа ирыладырҵәаз ажәабжь.
Уи адагьы Аҳәынҭдума аилак иаднакылеит имцу аинформациа аларҵәаразы иахәҭоу иақәыршәараз - ахараԥса ҳараки 15 шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәреи реиԥш иҟоу азԥхьагәазҭо азакәан апроект.