Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳагәышь Бзыԥ Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны

Бзыԥҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №11 акомиссиа ахантәаҩы Баҭал Хагәышь арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит алхырҭатә ҭыԥқәа абжьыҭара амҩаԥгара иахьынӡазыҟаҵоу, акомиссиа алахәылацәа рус ахьынӡардыруа атәы.
Sputnik
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, абжьыҭара еиҿкаахоит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны.
"Алхырҭатә ҭыԥқәа хәба ҳамоуп. Зегьы мазеины иҟаҳҵахьеит. Асиақәа гәаҭоуп, ҩынтәгьы ҳархысхьеит. Уа иҟан зыԥсҭазаара иалҵхьоу, ҿыц иҭагалоу. Асиақәа егьырҭ алхрақәа ирыҿурԥшуазар, уамак ирацәаны аиҭакра амаӡам. Акандидатцәа х-ҩык ҳамоуп. Урҭ алхарақәа раан рганахьала иҟоу анаԥцәа рсиақәагьы ҳарҭеит. Алхратә комиссиа алахәылацәа рҟынтә иҟоуп ҿыц аус зуо, иҟоуп аԥышәагьы змоу. Алхрақәа рымҩаԥгара аус мариаӡам, уаҟа иҟазароуп уи атәы здыруа. Азакәан иқәныҟәаны алхрақәа мҩаԥыргар шахәҭоу атәы деилыркаауп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хагәышь.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.