Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рзы иҷыдоу арратә операциа Урыстәыла имҩаԥнагоит жәабран 24 аахыс. Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, еиԥдырҟьоит аруаа русура, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.
"…Еилкаауп ас еиԥш ахҭысқәа рӷьаразы шәышықәса шаҭаххо. Уи изеилымкаауа дыҟамызт (Путин), аха ибон ихьакәым ахь ишкылсуаз. Урыстәыла идуу ҳәынҭқарроуп, ихдырбгар ҟалон. Уи азы ауп ас еиԥш ихы зымҩаԥигаз. Ауаҩы данханагалак, ихы иԥызаны даныҟалалк, зегьы даӷрагыло далагоит. Аибашьра ду аан аџьабаа ду збаз милаҭуп Украина. Анемец идгылозгьы ыҟан Украина, убарҭ ирхылҵыз иахьа аԥхьагылара ргеит. Ус еиԥш аидеологиа мҩаԥызго аурысцәа рнышәашьа рымам", - иҳәеит Кобахьиа.
Иара иазгәеиҭеит ари аҭагылазаашьаҟны аԥсуаа акыр аизхәыцра ааҳарԥшыроуп, аиҳабы - аиҵбы пату еиқәҵаны, ҳажәа раӡаны ҳцәажәалароуп ҳәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.