Арадио

Кәыҵниа Донбасс азы агәыҳалалратә цхырааразы: иҳалшо амаҷгьы дара рзы акыр иаԥсоуп

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра алаҳәара ҟанаҵеит Донбасс азы агәыҳалалратә цхыраара шеизнаго атәы. АҶА аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, иарбан цхыраагӡоу еизырго, насгьы уи еиқәыршәазарц шахәҭоу.
Sputnik
Хымш-ԥшьымш рыла ҳҽеиқәҳаршәар амҩа ҳақәлоит, аԥхьа Луганск анаҩс Донецк ҳнеиуеит ҳәа иҳәеит Кәыҵниа аиҿцәажәараҿы.
"Зхы иақәиҭыртәыз араионқәа рҿы ауааԥсыра фатәи-жәтәи маҭәеи ирыгу рацәоуп. Афатәқәа рганахьала иҳадаҳкылоит лассы ибжьымсуа, амҩа зычҳауа - ашьақар, ашьаҳариа, акартош, аконсервақәа уҳәа. Амаҭәахәқәа ишааргалакгьы иҳадаҳкылоит, анаҩс ҳара ишахәҭоу аҭыԥ иқәҵаны, амашьына иақәҵаны иаҳгоит", - ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.
Аминистр иҳәеит амаҭәа аганахьала, иҿыцума ззуҳәаша ҳәа иҟоу ашәҵатәы шрыдыркылало.
Агәыҳалалратә цхыраара азы азҵаарақәа змоу зегьы иасыр рылшоит аҭел ахь - 226-30-49, 229-75-57.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.