АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Агәыԥ "Азов" иалоу ацәгьоуцәа, зганахьала Урыстәыла ашьаус хацырку, Мариуполь агуманитартә коридор ала иалҵырц иаҿыз аҭынч уааԥсыра иреихсит, абри атәы аанцҳауеит ДЖәР Жәлар рмилициа.
Уи иахҟьаны ҩыџьа аҭынч уааԥсыра ҭахеит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит, ҩыџьа - рҭагылазаашьа уадаҩуп.
"Иахьа Мариуполь ақалақь атрасса М23 аҟны иаартыз агуманитартә коридор ала Ковоазовск ахь иалҵырц иаҿыз аҭынч уааԥсыра ирылахысит украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рбатальон "Азов" ацәгьоуцәа. Уажәазы иҟоу аинформациала, ҩыџьа атәылауаа ҭахеит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа а-Telegram-канал аҿы.
Украина Мариуполи Волновахеи аҭынч уааԥсыра алҵырц азы агуманитартә коридор аанартит амҽыша 10:00 инаркны, аганқәа иазгәаҭан ирымаз аҿҳәара уахыки-ҽнаки иахыԥаны.
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 ашьыжь шаанӡа. Урыстәыла ахада Владимир Путин уи хықәкыс иамоуп иҳәеит "аашықәса раахыс киевтәи арежим азқәымчуа, агеноцид иҭанаргыло ауааԥсыра рыхьчара" ҳәа. Убри азы, иара иажәақәа рыла, имҩаԥигарц игәы иҭоуп "Украина абџьарахыхреи анацистцәа рҟынтәи арыцқьареи", Донбасс атәылауаа рганахьала ацәгьуорақәа рзы аҭакԥхықәра зду рус аӡбара, ирыхәҭоу рақәыршәара. Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыцхыраарала ДЖәР-и ЛЖәР-и рыруаа ажәыларақәа мҩаԥыргоит. Убри аан Украина ампыҵахалара аӡәгьы игәы иҭаӡам, аҭынч уааԥсыра ирылакьысӡом. Хәажәкыра 6 рызтәи аҭагылазаашьала, Урыстәыла иқәнаххьеит Украина арратә инфраструктура аобиектқәа 2200 инареиҳаны.