Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Иванченко арахә ааӡара иазкны

Очамчыра араион Баслахә ақыҭа инхо Валериан Иванченко арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арахә ааӡара иадҳәалоу ақыҭанхамҩатә проект дшалахәхаз, уи ала иоуз 11 хы иахьазы рҭагылазаашьа зеиԥшроу, арахә аҭыԥаҟны рхы шырбо.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.