Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УАМ Донбасси Ҟрыми хәажәкыра 8 рзы рыжәлара рыгәҭакын ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Пушилин

Жәабран 24 раахыс Урыстәыла донбасстәи ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Украинатәи абџьар мчқәа Донбасси Ҟрыми хәажәкыра 8 рзы рыжәлара гәҭакыc ирыман ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Донецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин апресс-конференциаҿы.

"Ҳаԥшыхәцәа рдыррақәеи атҟәацәа ражәақәеи рылеи ажәыларатә операциа иалагараны иҟан хәажәкыра 8 азы. Ажәылара рыгәҭакын Донбасс аиԥш Урыстәыла аҵакыра иатәу Ҟрым аҿгьы", - ҳәа иҳәеит Пушилин.

ДЖәР ахада ицәыригеит Ҟрым ахсаала, ар ахьгылоу аҭыԥқәа арбаны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи ацәгьоуцәа агуманитартә коридор ала Мариуполь иалҵуаз аҭынч уааԥсыра иреихсуан
Уи адагьы Пушилин иҳәеит "Правыи сектор" аштаб аҿы ишырбаз аноутбук - Донбасси Ҟрыми рҿы аԥшыхәратә дыррақәа анҵаны, НАТО арбагақәа рыцҵаны. Ари иаартны иунарбоит НАТО украинатәи амилаҭеилыхцәа адгылара шрырҭо иҳәеит Донецктәи ареспублика ахада.
Пушилин иажәақәа рыла, аоперациа ҷыда ианаамҭаз иалаган, уи иабзоураны Донбасси Ҟрыми иқәынхо зықьҩыла ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа еиқәырхоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Адгьылқәа рзы акәӡам иззеибашьуа: аурыс-украинатәи аконфликт ахыҵхырҭақәа