Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла агуманитартә мҩақәа фба ааныртит

Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы, уи аамҭа иалагӡаны Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина арратә ҵакыратә хыбрақәа 2300 ак инеиҳаны ықәырхит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит ахымца иалҵырц зҭаху аҭынчуааԥсыра рзы агуманитартә мҩақәа шаадыртуа ҳәа аҩуеит РИА Новости аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иааганы.

"Хәажәкыра 7 асааҭ 10:00 инаркны Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аҭынч аамҭа рыларҳәеит. Аҭынчуааԥсыра ралгаразы ф-гуманитарттә мҩа аадыртит- Киевнтәи Гомельҟа мҩак, Мариуполи Запорожиеи рҟынтәи Ростовҟа ҩ-мҩак, Харковынтәи Белгородҟа мҩак, даҩа ҩ-мҩак Сумнтәи Белгороди Полтави рахь", - иҳәеит Конашенков.

Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнк иҳәеит, агуманитартә мҩақәа рзы украинатәи анапхгареи, иара убас жәларбжьаратәи ахеилақәа рахь - Еиду Амилаҭқәа, ОБСЕ, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак рахь заа адырра шыҟаҵоу.
Конашенков иҳәеит, ауаа ралгара ахылаԥшра шарҭало аԥырҩы дызҭам аҳаирплнақәа рыла.
Украина аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ирина Верешьук аҳәамҭа ҟалҵеит, Урыстәыла ахырхарҭала агуманитартә мҩақәа раартра Киев мап шыцәнакуа, лгәаанагарала ауаа рахыгара мҩаԥысуазар ауп Украина аҵакыраҟны иҟоу анхарҭа ҭыԥқәа рахь.
"Аҭынчра арежим" рылаҳәан Мариуполь, Киев, Харков, Сум рҟынтәи аҭынчуааԥсыра ралҵразы. Агуманитартә мҩақәа аадыртит Франциа ахада Еммануель Макрон Владимир Путин иахь иҟаиҵаз аҳәара ашьҭахь.