Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа рраунд ҿыц иалагеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа рраунд ҿыц иалагеит Беловежтәи абнара аҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәылатәи аделегациа Белоруссиа Брест аоблост ахь инеит хәажәкыра 7 азы. Украинатәи аделегатцәа авертолиотқәа рыла аиҿцәажәарақәа рҭыԥахь инаргеит асааҭ 16:30 рзы.
Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ахԥатәи рраунда аԥсшьарамшқәа рзы иазгәаҭан, аха хәажәкыра 7 асааҭ 15:00 рахь ииаргеит.
Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа ҩынтә еиԥылахьеит - жәабран 28 рзи хәажәкыра 3 рзи, Белоруссиа аҵакыраҿы. Аҩбатәи араунд аҟны Урыстәылеи Украинеи еиқәшаҳаҭхеит аҭынчуааԥсыра ралгаразы агуманитартә мҩақәа шаадыртуа, ахәшәқәеи афатә-ажәтәи рыла ишеиқәдыршәо.
Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда иалагеит Донбасс ахьчаразы. Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит рус аплан инақәыршәаны, иазԥҵәоу аҿҳәарақәа рыҽҭагӡаны ишымҩаԥысуа.