Хәажәкырамза 8 - ааԥын ныҳәа ссир иамшуп, аԥшӡареи, аҿареи, агәыкреи ирсимволуп, ԥхаррала, гәыблыла иҭәуп.
Аҳәса жәларбжьаратәи рымш азгәарҭо иалагеит 1975 шықәса инаркны, хәажәкыра 8 ныҳәамшны иалнакааит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара.
Ахаҵеи аԥҳәыси аԥсуаа ҳҟны зинла еиҟаран, уи азы қәԥара аҭахны иҟамызт, инакәызаалак аԥсуа ԥхәыс пату лықәын ҳәа азгәарҭеит арадио Sputnik адырраҭара иалахәыз асасцәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.