Аԥсны

Аҳауатә фымцацәаҳәа "Калдахәара" еиҭашьақәыргылоуп

Гәдоуҭа араион хәажәкыра 9 ауха амашәыртә ҭагылазаашьа ахсаалала ҩба-ҩаба сааҭ алашара рыҭан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Гәдоуҭа араион фымцалашарала еиқәыршәахеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Хәажәкыра 9 ауха аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны, фымцалашарада иҟан астанциа маҷқәа ԥшьба: "Мысра", "Мысра-а́хага", "Гәдоуҭа-110", "Лыхны".

Аԥхасҭа аԥыхразы аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ аҭыԥ ахь инеит, аха алашьцара иахҟьаны аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ рзымшааит. Араион амашәыртә ҭагылазаашьа ахсаалала ҩба-ҩаба сааҭ алашара рыҭан.