Арадио

Ашәԥҳа Украинатәи ахҭысқәа афранцызцәа ишырныԥшыз атәы еиҭалҳәеит

Франциа инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа аҳәаанырцә инхо ишрыдыркыло, ныррас ирнаҭо атәы.
Sputnik
Урыстәыла Украина арратә аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит жәабран 24 раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны Европа атәылақәа жәпакы аекономикатә усеицура аганахьала Урыстәыла иазырханы аԥкрақәа мҽхакы ҭбаала иаларгалеит, аилахәрақәа жәпакы русура ааныркылеит аурыс џьармыкьаҟны.
Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа иазгәалҭеит ишџьалшьо афранцыз еиҳабыра рхымҩаԥгашьа Украина иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы.
"Афранцызцәагьы ргәы иаанагомызт реиҳабыра Урыстәыла аполитика 100 проценткны иаҿагылоит ҳәа. Иашоуп аибашьра анцо аӡәы идгылоит, егьи хәыҷык иҿагылоит , аха уажәы Украина аполитика зегьрыла иадгылеит Франциа. Изларылшоз ала аурысцәа ирҿагылеит. Ус ргәы иаанагон Украиана ахҭысқәа лассы еилгоит ҳәа. Аурысцәа ирықәыӷәӷәаны хәыҷык идыршәоз џьыршьеит, аха мчыбжьык анаҩс ихьаҵуа иалагеит. Араҟа аиашазы аурысцәа ирҿагылоит, убас иҟалоит ҳәа сыҟамызт. Ара убас еиԥш апропаганда ыҟоуп Украина рыцҳашьатәуп ҳәа. Путин иӷәӷәара изақәшаҳаҭхом", - лҳәеит Ашәԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, Урыстәыла ахыԥша акыр ишышьҭыҵыз Франциа аҵыхәтәантәи ажәохәшықәса, иахьа Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа акыр ргәы шыднархьо афранцызцәа, Европа аекономика акыр ишаныԥшуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.