Лугансктәи Жәлар Рреспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит хәажәкыра 10 азы. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала.
Аҩтәылак аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп, уи Аԥсни Лугански рыбжьара аиқәшаҳаҭра-азинтә база ашьақәыргыларазы уасхырс иазыҟалоит.
Аԥсны Урыстәыла адгылара анаҭоит Украина адемилитиризациеи аденафикациеи азы имҩаԥнаго аус аҟны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит жәабран 25 азы.
Хәажәкыра 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала.
Ас еиԥш иҟоу ашьаҿа ҳреспубликақәа реизыҟазаашьақәа ишырныԥшуа, мҩақәас иаанартуа атәы далацәажәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны.